Иракли Шоҭаӡе  «Евроџьаст» авице-ахада диҧылеит
Иракли Шоҭаӡе  «Евроџьаст» авице-ахада диҧылеит

Қырҭтәыла апрокурор хада Иракли Шоҭаӡе  Евроеидгыла аиашаӡбара аорган  «Евроџьаст» авице-ахада  Боштан Шкрлец диҧылеит.

Аиҧылараҿы  Ираклий Шотаӡе  Боштан  Шкрлец инарҭбаау аинформациа ииҭеит атәылаҿы имҩаҧысуа ареформақәеи Қырҭтәыла апрокуратураҿ ахадаратә ҵакы змоу ахырхарҭақәеи ирызкны.  Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла апрокуратуреи  «Евроџьасти» русеицура иаҵанакәа азҵарақәеи наҟ-наҟтәи апланқәеи ирылацәажәеит.

«Евроџьаст»  авице-ахада Иракли Шоҭаӡе ҭабуп ҳәа иеиҳәеит  атрансмилаҭтә еиҿкаау ацәгьаура аҿагыларазы Қырҭтәыла апрокуратура имҩаҧнаго ауснагӡатәқәа рзы.