Иракли Қарселаӡе   атранспорт азҵаарақәа рзы еврокомиссар  Адина Валеани дылҧылеит
Иракли Қарселаӡе   атранспорт азҵаарақәа рзы еврокомиссар  Адина Валеани дылҧылеит

«Уажәазы адунеи аҿы иҟоу апроблемақәа рымшала, атрансевропатәи атранспорттә аҳа абжьаратә корридор иаҳа актуалтә ҵакы аиуит, ари акорридор ацыҧҵәаха  хада Қырҭтәыла иалсны ицоит, ари ацыҧҵәахаҿы иахьа қәҿиарала аинфраструктуратә проектқәа мҩаҧаагоит», — иҳәеит арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистр Иракли Қарселаӡе  «Европа Атранспорттә форум» аҳәаақәа ирҭагӡаны Еврокомимиссиа ахаҭарнакцәа данырҧылоз.

Иара иажәақәа рыла, атранспорти амобилреи азҵаарақәа рзы еврокомиссари агенералтә директори рҟны аиҧылараан Қырҭтәыла атранспорттә аҳа аихьӡарақәеи, аҿиареи, уажәазы иҟоу апроблемақәеи ирылацәажәеит.

Иракли Қарселаӡе Европа атранспорт амшқәа (Connecting Europe Days 2022) аҳәаақәа ирҭагӡаны, Лион ақалақь аҿы  ҩ-ганктәи аиҧыларақәа мҩаҧигоит. Иара атранспорт азҵаарақәа рзы еврокомиссар  Адина-Лиона Валеании Еврокомиссиа атранспорти амобилреи азҵаарақәа рзы агенералтә директор  Ҳенриком Холлоуеми дырҧылеит.