Иракли Кобахиӡеи  Николоз Самхараӡеи Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц иҧылеит
Иракли Кобахиӡеи  Николоз Самхараӡеи Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц иҧылеит

  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы  Иракли Кобахиӡеи адәныҟатәи аимадарақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы  Николоз Самхараӡеи Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Павел  Герчински иҧылеит.

Апартиа апресс-маҵзура адыррала, аибадырратә ҟазшьа змаз аиҧылараҿы, аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Евроеидгылеи русеицура иалацәажәеит.

Иара убас, Еврокомиссиа 12 абжьагарақәа рынагӡара апроцессгьы иазааҭгылеит.

Аиҧылара рхы аладырхәит Евроеидгыла ахаҭарнакра анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ  Асунсьон Санчес Руиси Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ ибжьагаҩ  Жулиен  Крампси.