Иракли Кобахиӡеи Каха Калаӡеи ашьапылампыл азы Қырҭтәыла амилаҭтә еизга алахәылацәа ирԥылан, Амилаҭқәа рлигаҿ ақәҿиарақәа иреиӷьаршьеит
Иракли Кобахиӡеи Каха Калаӡеи ашьапылампыл азы Қырҭтәыла амилаҭтә еизга алахәылацәа ирԥылан, Амилаҭқәа рлигаҿ ақәҿиарақәа иреиӷьаршьеит

Иракли Кобахиӡеи Каха Калаӡеи ашьапылампыл азы Қырҭтәыла амилаҭтә еизга алахәылацәа ирԥылеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ашьапылампыл азы Қырҭтәыла амилаҭтә еизга алахәылацәа Амилаҭқәа рлигаҿ ақәҿиарақәа иреиӷьаршьеит.

Аԥыза-министр ақырҭуа шьапылампыласыҩцәа адунеи ачемпионат иазкны драцәажәан, атәыла урҭ рықәҿиарақәа изныкымкуа шазгәанаҭо иҳәеит.

Ашьапылампыл азы Қырҭтәыла амилаҭтә еизга Амилаҭтқәа рлигаҿ ҩматчк мҩаԥнагоит – цәыббра 7 рзы Чехиаҟны, цәыббра 10 рзы – Албаниаҟны.