Иракли Кобахиӡе - Жьҭаара 26 рзы Қырҭтәыла жәынтәны аҭынчратә партиа "Ақырҭуа гәахәтәы" шалнахуа агәра сгоит
Иракли Кобахиӡе - Жьҭаара 26 рзы Қырҭтәыла жәынтәны аҭынчратә партиа "Ақырҭуа гәахәтәы" шалнахуа агәра сгоит

Жьҭаара 26 рзы Қырҭтәыла жәынтәны аҭынчратә партиа “Ақырҭуа гәахәтәы” шалнахуа агәра сгоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Озургеҭи ауааԥсыра дынырԥылоз.

Кобахиӡе иажәақәа рыла, жьҭаара 26 рзы имҩаԥысран иҟоу алхрақәа ареферендум еиԥшхоит, ақырҭуа жәлар аҭынчра ма аибашьра алырхроуп.

“Жьҭаара 26 рзы имҩаԥысран иҟоу алхрақәа аҵак ду рымоуп. Арҭ лхрақәа ареферендум еиԥшхоит, ақырҭуа жәлар аҭынчра ма аибашьра алырхроуп.  Жьҭаара 26 рзы Қырҭтәыла жәынтәны аҭынчратә партиа “Ақырҭуа гәахәтәы” шалнахуа агәра сгоит”, — иҳәеит Кобахиӡе.