Иракли Кобахидзе Украина Атәылахьчара аминистрра Аҧшыхәаратә маҵзура аҳәамҭа дахцәажәеит
«Украина Атәылахьчара аминистрра Аҧшыхәаратә маҵзура аҳәамҭа – уажәааны иаабаз, алогика зҵам аӡбарқәеи ашьаҿақәеи рынагара ауп», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе.
Кобахиӡе Украина Атәылахьчара аминистрра Аҧшыхәаратә маҵзура аҳәамҭа дахцәажәан, ишазгәеиҭаз ала, «абри ахарадҵара исериозу хҭысуп».
«Украина Атәылахьчара аминистрра Аҧшыхәаратә маҵзура аҳәамҭа – уажәааны иаабаз, алогика зҵам аӡбарқәеи ашьаҿақәеи рынагара ауп. Рыцҳарас иҟалаз, абарҭ ахҭысқәа зегьы мзызк амшалоуп ишыҟало. Абра арадикалтә оппозициаҿы иҟоу ауааҧсыра уаҟа атәыла анапхгара иреиуп, Саакашвили, Адеишвили, Лордқьиҧаниӡе уҳәа, убас егьырҭгьы. Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы ас еиҧш иҟоу ашьаҿақәа зыҟарҵогьы еилкаауп.
Ахарадҵара ахаҭа иадҳәаланы иазгәасҭар сҭахуп, уи исериозу хҭысуп. Ҳаиҩызара ганкахьалатәи аҟазшьа амоп, уи даараӡа ҳгәы иалоуп, аха, ҳара украинатәи ҳҩызцәеи Украинеи аукраин жәлари рыдгылара наҳагӡоит.
Ҳара кыршықәса рыҩнуҵҟа Украина анапхгара раҳәара ҳаҿуп зехьынџьара аҭагылазаашьа ҧхасҭазтәуа абарҭ ауааҧсыра Украина анапхгарахьы инармышьҭырц, аха, рыцҳарас иҟалаз, дара иахьагьы Украина анапхгаҩцәа иреиуп, Саакашвилигьы урҭ дреиуп. Иара иахьагьы Украина аиҳабыраҿ Ареформақәа рзы ахеилак данапхгаҩуп.
Ҳәарада, ҩ-ганктәи еизыҟазаашьақәеи Eкраина ахаҭеи, уи ашәарҭадареи, аҭышәынтәалареи азы иаҳа еиҕьын арҭ ауаа Украина анапхгараҿы иҟамзар. Аха, рыцҳарас иҟалаз, Украина анапхгара ҽакала ргәы иаанагоит. Иахьа Саакашвилии, Адеишвилии, Лорткипаниӡеи, егьырҭгьы ари атәыла анапхгара иалахәып, абри аҩыза иуадаҩӡоу аҭагылазаашьаҿы абри афактор Украина хырҳагара азаанагом», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.