Иракли Кобахиӡе – Шови, арыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы ауахәама дыргылоит, ари ала зыуацәа ҭахаз ауаа рыдгылара ааҳарԥшуеит
Шови, арыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы ауахәама дыргылоит, ари ала зыуацәа ҭахаз ауаа рыдгылара ааҳарԥшуеит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе ажурналистцәа данрацәажәоз.
Иракли Кобахиӡе ҵыԥх аԥсабаратә рыцҳараан иҭахаз ауааԥсыра рыуацәа даҽазнык дрыдашшылеит.
„Шови иҟалаз арыцҳара анеҩстә шықәсык ҵит. Усҟан, ҳазынтәгьы ихьанҭаӡаз амшқәа ҳхаагеит, аха, ҳәарада, иҭахаз ауаа руацәа рзы уи ҷыдала ихьанҭан, арыцҳара дуӡӡа иҭагылан, арҭ ауаа даҽазнык срыдашшылар сҭахуп. Усҟан арыцҳара ду ҟалеит, атәыла зегьы арыцҳара иҭагылан, иахьа арҭ ауаа иҳалшо ала ҳрыцхраароуп, адгылара ҕәҕәа рзааҳарҧшыроуп. Иара убас, ари аҵакырадгьыл арыцқьара иазкны аҳәара ҟарҵеит, агәаҟра иҭагылоу арҭ ауаа рзы уигьы аҵакы ду амоуп. Аҳәарақәа зегьы рынагӡаразы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит“, – иҳәеит аҧыза-министр.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, арыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы ауахәама дыргылоит.