Иракли Кобахиӡе - Саломе Зурабишвили лхы ҳаҭыр ақәылҵозҭгьы, зыҧшра ҟамҵакәа лнапынҵақәа шьҭалҵон, аха, лара аӡбарақәа рыдкылараан лхы дшақәиҭым аадыруеит
Иракли Кобахиӡе - Саломе Зурабишвили лхы ҳаҭыр ақәылҵозҭгьы, зыҧшра ҟамҵакәа лнапынҵақәа шьҭалҵон, аха, лара аӡбарақәа рыдкылараан лхы дшақәиҭым аадыруеит

Апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы  Иракли Кобахиӡе иҳәамҭала, иахьа Аконституциатә аӡбарҭа аиаша шьақәнарҕәҕәеит, Саломе Зурабишвили, изныкымкәа, хықәкыла Аконституциа еилалгон, убри ала лара аконституциатә аиҿкашьеи  Аконституциала ишьақәыргылоу апарламенттә напхгараҭара асистемеи даҿагылон.

«2020 шықәсазы ақырҭуа жәлар иалырхыз адепутатцәа реиҳара ҳазну амчыбжьаз  ишьақәдырҕәҕәоит лара Қырҭтәыла ахада истатус шлыхәҭам.  Саломе Зурабишвили лхы ҳаҭыр ақәылҵозҭгьы, зыҧшра ҟамҵакәа лнапынҵақәа шьҭалҵон, аха, лара аӡбарақәа рыдкылараан лхы дшақәиҭым аадыруеит. Лара  Қырҭтәыла Аконституциа аилагара лабжьазгаз амчқәа дырмазҵаакәа лнапынҵақәа рышьҭаҵара иазкны аӡбара злыдылкылом», — иҳәеит Кобахиӡе.

Иара иажәақәа рыла, ҳазну амчыбжь анҵәамҭанӡа, апарламентаҿ Саломе Зурабишвили лимпичмент азҵааразы абжьыҭира мҩаҧгахоит.   Иара ишиҳәаз ала, аимпичмент азы апарламентаҿ  100 абжьқәа рымам, аха, аоппозициатә депутатцәақәак, уезгьы, ари аӡбара иадгылап ҳәа дгәыҕуеит.

Аконституциатә аӡбарҭа ишақәнаргылеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Аконституциа шеилалгаз.