Иракли Кобахиӡе - Қырҭтәыла арыцҳара ду иақәшәеит, иҭахаз ауаа руацәа срыдашшылоит
«Қырҭтәыла арыцҳара ду иақәшәеит, иҭахаз ауаа руацәеи ҳтәылеи срыдашшылоит», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе.
«Ахмеигӡарала ауаҩы цыҧхьаӡа иҧсҭазаара иазықәҧо аполициа аусзуҩцәеи аиқәырхаҩцәеи ҭабуп ҳәа расҳәоит. Аҧсабаратә рыцҳара алҵшәақәа раҧыхра иалахәы аусбарҭақәа зегьы сраҭабууп.
Аиқәырхаратә усурақәа инагӡоит, излауа ала ирацәаны ауааҧсыра реиқәырхара рылшап ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит Кобахиӡе.
Нанҳәа 3 рзы Шови адгьылҳәазара ҟалеит. Уажәазы иҟоу аофициалтә дыррақәа рыла, аҧсабаратә рыцҳара иалаӡит 11ҩык.