Иракли Кобахиӡе - Қырҭтәыла - адунеи аҿы ҳәынҭқарра заҵәуп аоппозициаа Урыстәыла Украинаҿ излагаз аибашьра атәыла ҧырхага азаагаразы рхы иахьадырхәо
«Қырҭтәыла – адунеи аҿы ҳәынҭқарра заҵәуп аоппозициаа, Урыстәыла Украинаҿ излагаз аибашьра ҿыҵгас иҟаҵаны, атәыла аҩнуҵҟагьы анҭыҵгьы атәыла иаҧырхагоу акциақәеи акампаниақәеи ахьымҩаҧырго», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе.
«Лабҿаба иубарҭоуп арадикалтә оппозициа — ахәбатәи аколонна шракәу, «Амилаҭтә ҵысреи» уи адгылаҩцәеи хықәкык ауп ирымоу — асанкциақәа рышьақәыргыларала ақырҭуа жәлар рекономикатәи рсоциалтәи ҭагылазаашьа еицәартәыр, Қырҭтәыла аибашьра аҽаланагалар рҭахуп», — иҳәеит Кобахиӡе.
Иракли Кобахиӡе иҳәамҭала, Қырҭтәыла анапхгара аҳәынҭқарреи ажәлари ринтересқәа рыхьчоит, ирылшо зегьы ҟарҵоит Қырҭтәыла аибашьра аҽаланамгаларц, ауааҧсыра аекономикатә зарал ду рмоурц.