Иракли Кобахиӡе - OSCE/ODIHR аихшьаала инақәыршәаны, зхы иақәиҭу, аконкуренциа ахьыҟаз алхрақәа мҩаҧган
Иракли Кобахиӡе - OSCE/ODIHR аихшьаала инақәыршәаны, зхы иақәиҭу, аконкуренциа ахьыҟаз алхрақәа мҩаҧган

OSCE/ODIHR аихшьаала инақәыршәаны, зхы иақәиҭу, аконкуренциа ахьыҟаз алхрақәа мҩаҧган, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе абрифинг аҿы.

Аԥыза-министр иажәақәа рыла, инеизакны иуҳәозар, OSCE/ODIHR аихшьаала инақәыршәаны, зхы иақәиҭу, аконкуренциа ахьыҟаз алхрақәа мҩаҧган.

“OSCE/ODIHR атекст аҵакы ишәсырдырыр сҭахуп. Раҧхьа иргыланы, атекст аҿы иазгәаҭоуп азакәанҧҵара адемократиатә алхрақәа рымҩаҧгаразы иаҭаху аҭагылазаашьақәа шеиқәнаршәоз. Апартиақәа ишахәҭоу ала арегистрациа иахысит, алхыҩцәа алхра ҭбаа рыдаргалеит. Алхратә субиектқәа рхы иақәиҭны алхратә кампаниа амҩаҧгара алшара рыман, амедиа адтверсификациа азун, алхрақәа рзы аҽазыҟаҵаратә процесс ибзианы еиҿкаан, алхратә администрациа алхрақәа ртехникатә аспектқәа ибзианы ирхылаҧшуан, инеизакны алхрақәа рымш ибзианы еиҿкаан, азакәанҧҵара атәылауааи атәым анаҧшцәеи активла алхрақәа рыцклаҧшразы алшрара рзеиқәнаршәеит. Иара убас, аҩ-ганк OSCE/ODIHR аинформациа арҭеит аизолиациатә мчылара аинцидентқәа ирызкны, араҟа аизолиациатә инцидентқәа мацароуп излацәажәо.
Иарбанзаалак атәылаҿ еиҧшҵәҟьа, араагьы, ари аихшьаалаҿы акритикатә азгәаҭарақәа иҟоуп, иаҳҳәап, абжьыҭира амаӡа иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәоит. 76 наӡына алхырҭақәа рҿы OSCE/ODIHR анаҧшцәа зынӡаскгьы изакәызаалак аилагарак рымбеит. Егьырҭ алхырҭақәа рҿы агхақәак иҟан, арҭ агхақәа аарҧшын. Иаҳҳәап, абиуллетенқәа ииашамкәа рхархәара, алхырҭақәак ишахәҭаз еиҭш еиҿкаамызт, авидеоҭыхрақәа иҟан, аха, аоппозициаа рхаҭагьы иаҳәеит алхырҭақәа рҿы авидеоҭыхрақәа мҩаҧгазарц, убри аҟынтә, ари азҵаара агхас иузыҧхьаӡаӡом. Аҭахрақәа рыхәаҧшра апроцесс аҿы агхақәак аарҧшын, иара убас, зҵакы дуу проблемас иазәгаҭан аполиаризациа, аполитикатә спектр аҿгьы, иара убас, амедиаҿгьы. Абарҭ азҵаарақәа рзы иашьашәалоу аинформациа ҳамоуп.

Инеизакны иаҳҳәозар, OSCE/ODIHR аихшьаала инақәыршәаны, зхы иақәиҭу, аконкуренциа ахьыҟаз алхрақәа мҩаҧган, абри ауп OSCE/ODIHR аихшьаала ҵакыс иамоу, OSCE/ODIHR ахаҭарнкцәа даҽазнык ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп”, – иҳәеит Кобахиӡе.