Иракли Кобахиӡе - Кезерашвили – ашьаарҵәыратә аҧара змоу долигархуп
«Кезерашвили — ашьаарҵәыратә аҧара змоу долигархуп, убри аҟынтә, еиуеиҧшым аформақәа рыла иара иҟынтә аҧара аиура намысдароуп», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе.
Кобахиӡе иажәақәа рыла, «Кезерашвили ашьарҵәыратә аҧара ирҳаит абизнес-рекети, арбџьармчқәа рцәырҳәреи, европатәи атәанчуаа аҧара рыцәҕьычреи ала».
Иара убас, Кобахиӡе ишазгәеиҭаз ала, «Амилаҭтә ҵысра» алидерцәа реиҳара криминалцәоуп.
«Кезерашвили, Мерабишвили, Саакашвили, урҭ рызынтәгьы криминалцәоуп. Рпартиа алидерцәа реиҳара криминалцәоуп. Кезерашвили ифактор ари аусаҿ акгьы аҧсахуам. Ауаажәлар «Амилаҭтә ҵысра» ҵакыс ирымоу иазхәыцны, алхрақәа раан изныкымкәа ишыҟарҵахьоу еиҧшҵәҟьа, даҽазнык аӡбара иаша рыдыркылароуп», — иҳәеит Кобахиӡе.
Апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы ишиҳәаз ала, аколл-центрқәа рус аилыргара нагӡахоит Қырҭтәылаҿ.