Иракли Кобахиӡе Германтәылеи Чехиеи ҿыц иқәыргылоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩцәа дырҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Германтәылеи Чехиеи ҿыц иқәыргылоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩцәа – Алеқсандр Картозиеи Руслан Абашиӡеи дырҧылеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы адипломатцәа рдипломатиатә миссиа алагара рыдныҳәаланы, ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит.
Германтәылатәи афедеративтә республикаҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс иҟарҵаз Алеқсандр Картозиа акыршықәса ирылагӡаны аҳәынҭқарратә структурақәа рҿы аус иуан. Еиуеиҧшым ашықәсқәа рзы Аҵара аминистрс, иара убас, Қырҭтәыла апарламент амилаҭтә библиоҭека адиректорс дыҟан.
Чехиатәи ареспубликаҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс иҟарҵаз Руслан Абашиӡе 1996 шықәса инаркны Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы аус иуан. Еиуеиҧшым ашықәсқәа рзы иара Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарртә министр актәи ихаҭыҧуаҩс, иара убас, Аҧснытәи автономтә республика аиҳабыра рхантәаҩыс дыҟан.