Иракли Кобахиӡе - Европарламент аделегациа ҳанырҧылоз иаартны ираҳҳәеит арадикалтә оппозициа Европарламент арезолиуциеи аконкреттә анҵамҭақәеи аполиаризациа арҕәҕәаразы рхы ишадырхәо
Апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе иҳәамҭала, Европарламент аделегациа ианырҧылоз иаартны ираҳҳәеит арадикалтә оппозициа Европарламент арезолиуциеи аконкреттә анҵамҭақәеи аполиаризациа арҕәҕәаразы рхы ишадырхәо.
«Ҳара иқәҳаргылаз азҵаарақәа шәасҳәар сылшоит, ҳаҧхьаҟа ҳпозициа иазҧхьагәарҭап ҳәа ҳгәыҕуеит. Уи аҵакы ду амоуп Қырҭтәыла аполиаризациа аиҵатәразы. Иара убас, ишыжәдыруа ала, Европарламент арезолиуциеи адеолигархизациа иазку Еврокомиссиа анҵамҭеит активла рхы иадырхәоит атәылаҿы аполиаризациа арҕәҕәаразы. Убри аҟынтә, Евроеидгыла ахаҭа ари анҵамҭа аҧырнахроуп, абри азҵарагьы иқәҳаргылеит», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.