Иракли Кобахиӡе - “Борџьоми” апроект асоциалтә хырҳагарагьы ахылҵит, араҟа аус руеит 600-ҩык раҟара аҭыҧантәи ауааҧсыра, урҭ рҭаацәарақәа иҭышәынәталоу ахашәала рымоуп, насгьы, арегион зегьы, Борџьоми амуниципалитет зегьы аҿиара аперспектива ду азцәырҵит

“Борџьоми” апроект асоциалтә хырҳагарагьы ахылҵит, араҟа аус руеит 600-ҩык раҟара аҭыҧантәи ауааҧсыра, урҭ рҭаацәарақәа иҭышәынәталоу ахашәала рымоуп, насгьы, арегион зегьы, Борџьоми амуниципалитет зегьы аҿиара аперспектива ду азцәырҵит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе “Борџьоми” азауад аартра иазкыз  аусмҩаҧгатә аҿы данықәгылоз.

Аԥыза-министр иажәақәа рыла, “Борџьоми“ ҭоурыхла, Қырҭәтылаҿ ари аусхкы аҿы аҧхьагылара змоу аминералтә ӡытә еилахәыроуп, аха, уи адагьы, адунеи зехьынџьара ҳтәыла ахырдыргабҕьыцуп.

“Атәыла аҩныҵҟа ахырҳагара ду ҳазҭо, зхаҭабзиара ҳараку аалыҵ ҭзыжьуа атәыла аҳасабала адунеи зехьынџьара Қырҭтәыла ахьӡ шьҭызхуа абри аҩыза амилаҭтә ааглыхра аҿиара ацхраара ҳаиҳабыра рзы аҧыжәара змоу ахырхарҭақәа иреиуп. Адунеи аџьармыкьаҿ Қырҭәтыла ахьӡ ашьҭыхра аус аҿы ақәҿиарақәа шәзеиҕьасшьоит,“ – иҳәеит Иракли Кобахиӡе. Иара аилахәыра анапхгареи, аинвесторцәеи, аусзуҩцәеи ари апроект қәҿиарала анагӡаразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.