Иракли Кобахиӡе - Атәыла ахада лцәыҵаӡырҩра зҭаху ауаа сара сцәыҵаӡырҩра иаҳа иазҿлымҳахар ҟалап, избанзар, сара иаҳа ирацәаны аинформациа здыруеит
«Атәыла ахада лцәыҵаӡырҩра зҭахыда, изырҭахи. Абарҭ аҳәамҭақәа изакәызаалак ҵакык рымам, аха, уезгьы урҭ рыхцәажәара ҳақәшәоит. Сара сцәыҵаӡырҩра иаҳа аинтерес аҵазар ҟалап, избанзар иаҳа ирацәаны аинформациа здыруеит, аӡбарақәа рацәа сыдыскылоит, ауаа рацәа рҟны аимадара сымоуп», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе.
Кобахиӡе Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили иҟалҵаз аҳәамҭа иазкны иазҵааит. Саломе Зурабишвили илҳәеит: «Ҳахьынхо атәылаҿы џьара ҳаннеиуа, ак ҳалацәажәар анаҳҭаху, ҳҭел аанҳажьроу иҳгару ҳәа еснагь ҳазхәыцуеит. Нас, уезгьы, ирҭахызар иӡырҩааит ҳәа ҳҳәоит».
Иракли Кобахиӡе иажәақәа рыла, атәылаҿы ацәыҵаӡырҩра иадҳәалоу асистематә проблема иаҧыхуп.