Иракли Кобахиӡе - Аҿар рханаҿ ҳтәылазы иакымкәа абиҧарақәа рааӡахьеит, ари ахан ҳтәыла адемократиатә ҭоурых иадҳәалоуп
Аҿар рханаҿ ҳтәылазы иакымкәа абиҧарақәа рааӡахьеит, ари ахан ҳтәыла адемократиатә ҭоурых иадҳәалоуп – аброуп иахьыҟаз раҧхьатәи ареспублика аиҳабыра, абраҟа ирылаҳәан Қырҭтәыла ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара, абраҟа ақырҭуа парламентаризм ашьаҭа ркит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аханатә еиҭашьақәыргылоу Аҿар рхан аартра инамаданы имҩаҧгаз аусмҩаҧгатә аҿы данықәгылоз.
Аҧыза-министр иҳәамҭала, ахан ахыбра архитектуратә баҟеи атәыла акультуратә ҭынхареи мацара акәымкәа, Қырҭтәыла аҭоурых иузалымхуа хәҭоуп. Иракли Кобахиӡе аҳҭнықалақь ахада Каха Калаӡе ҭабуп ҳәа иаҳәаны, ишазгәеиҭаз ала, иара инапхгарала апроектқәа зегьы агьама ҷыдала, ибзиаӡаны инагӡоуп.