Иракли Кобахиӡе - Арекомендациа цыԥхьаӡа наҳагӡоит, акандидат статус иадҳәаланы аполитикатә аӡбамҭа бзиа рыдыркылап ҳәа ҳәгәыӷуеит
Акандидат статус анашьара иадҳәаланы аполитикатә аӡбара рыдыркылоит, аполитикатә аӡбара бзиа рыдыркылап ҳәа ҳгәыӷуеит, – иҳәеит “Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла Актәи аканал адырраҭара “Зхы иақәиҭу агәаанагара” аҿы.
“Уаанӡатәи аӡбара аполитикатә ӡбаран. Украина аганахьала иҟоу аконтекст еилкаауп, атәылаҿ аибашьра цоит, аха Молдова Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа реиҩызара иалоуп. Ари аиҿкаара Урыстәыла анапаҿы иҟоуп. Молдова ари аиҿкаара иалоуп, рконституциаҿ ишану ала, ахаан Нато иалалом, акоррупциа аганахьала атәылаҿ аҭагылазаашьа цәгьоуп. Аха абри еиԥш атәыла акандидат статус анашьан, Қырҭтәыла мап арҳәеит, убри аҟынтә иубарҭоуп ари аполтикатә ӡбара шакәыз. Арискқәа дууп. Ҳара арекомендациа цыԥхьаӡа наҳагӡарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит,” – иҳәеит Кобахиӡе.