Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе қарҭтәи Џьума-аџьаамаҿы аҧсылманцәа Рамадан-баирам рыдиныҳәалеит.
Аҧыза-министр аџьаамаҿы еизаз аҧсылманцәа рҿаҧхьа дықәгылан, ишиҳаз ала, аҧсылмантә уаҧшьына ақырҭуа уаажәларра иузалымхуа хәҭоуп.
«Қырҭтәыла иқәынхо ақырҭуа қьырсианцәеи аҧсылманцәеи рыбжьара ишьақәгылаз ашәышықәсарацәалатә аҭоурыхтә аимадарақәеи, аешьареи ҳгәы рыздууп. Шәуникалтә культура ҳтәыла акультура иузалымхуа хәҭоуп.
Ҳара ашәышықәсақәа рацәа рыҩныҵҟа аус еицаауан, ҳаидгыланы иаҳзеиҧшу ҳаҧсадгьыл аҿиареи, мышхәыбзазареи, апрогресси ҳазықәҧон. Абарҭ аизыҟазаашьақәа, абри аешьара еснагь ҳаиҷаҳауан, наҟ-наҟгьы ҳаиҷаҳауеит. Иахьатәи амш даҽазнык ишәыдысныҳәалар сҭахуп. Иахьа гәахәарала ари агәырҕьара шәыцеиҩысшоит. Шәызынтәгьы мышхәыбзазареи анасыҧи шәзеиҕьасшьар сҭахуп. Ишәыдысныҳәалоит», — иҳәеит аҧыза-министр.
Мызкы инагӡоз ачгара хьанҭа ашьҭахь, иахьа ақырҭуа аҧсылманцәа Рамадан-баирам азгәарҭоит.
Аҧсылманцәа русбарҭа адоуҳатә лидерцәа аҧыза-министр адныҳәаларазы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, агәаларшәагатә ҳамҭа ирҭеит.
Қарҭтәи Џьума-аџьаамаҿы иҟан адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәагьы.