Иракли Кобахиӡе аоппозициаа рҟны анеҩстәи аиҧылара алҵшәа ахылҵып ҳәа дгәыҕуеит
Ҳара аконсультациақәа рымҩаҧгара ҳазыхиоуп, аиҿцәажәарақәеи аиқәшаҳаҭреи иазҿлымҳау аоппозициатә партиақәагьы иҟоу ҳәа сгәы иаанагоит, — иҳәеит апарламенттә аиҳара алидер Иракли Кобахиӡе.
Иара иҳәамҭала, аоппозициа 2 хәҭакны еиҟәшоуп.
«Аиҿцәажәарақәеи аиқәшаҳаҭреи иазҿлымҳау аоппозициатә партиақәа иҟоуп. Кластер хәыҷык иҟоуп, «Амилаҭтә ҵысра» акластер, уи ҧырхага алоуп. Дара роуп апарламент актәи аилатәаранӡа аиҿцәажәарақәа аҧызхыз. Егьырҭ апартиақәа рпозициа анаадырҧшлак иҟало аабап», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.
Аоппозициеи анапхгаратә гәыҧи анеҩстәи реиҧылара анымҩаҧысуа макьана еилкаам.