Иракли Кобахиӡе - Алхрақәа рҿы атәыла европатәи аҧеиҧш иӡбан, 2030 шықәса анҵәамҭанӡа Қырҭтәыла зегьы иреиҕьны Евроеидгыла алалара иазыхиазаауеит
Ҳара аконкреттә план ҳамоуп, амбициатә хықәкы ҳамоуп, 2030 шықәса анҵәамҭанӡа Евроеидгыла алахәылас ҳҟалоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Будапешт ажурналистцәа данрацәажәоз.
Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла, егьырҭ акандидат-тәылақәа зегьы раасҭа, иаҳа еиҕьны Евроеидгыла алалара иазыхиазаауеит.
„Алхрақәа рҿы, егьырҭ азҵаарақәа инарываргыланы, атәыла европатәи аҧеиҧшгьы иӡбан. Аоппозициаа планқәас ирымаз жәдыруеит, абарҭ апланқәа рынамгӡара абзоуралоуп ҳтәыла Евроеидгыла ахырхарҭала ацара шынанагӡо. Ҳара аконкреттә план ҳамоуп, амбициатә хықәкы ҳамоуп, 2030 шықәса анҵәамҭанӡа Евроеидгыла алахәылас ҳҟалоит. Даҽазнык еилыкка иаҳҳәар ҳалшоит 2030 шықәса анҵәамҭанӡа Қырҭтәыла, егьырҭ акандидат-тәылақәа зегьы раасҭа, иаҳа еиҕьны Евроеидгыла алалара ишазыхиазаауа“, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.