Иракли Кобахиӡе - Аиҿкаарақәа аартызаара иаҿагыланы ианықәгыло, лабҿаба иубарҭоуп дара маӡак шрымоу
«Ҳзакәан аҿы атерминқәка аҧшыхәҩи агенти еиҧшым. Ақырҭуа азакәанпроект аҿы агент иаҳасабала аӡәгьы дарбам», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе апартиа «Ажәлар рымч» ицәырнагаз азакәанпроект данахцәажәоз.
Иара иажәақәа рыла, атерминқәа рзгьы егьырҭ азҵаарақәа рзгьы адискуссиа нагӡахоит.
Иара иажәақәа рыла, иарбанызаалак аиҿкаарак аусура ҧырхага аиуӡом, аха, ажәлар ирдыруазароуп дара аҧара ахьынтәаарго, ари аҧара зырҭаху.
«Атәылақәа зегьы, Америкагьы, ажәа агент 2 ҵакык амоуп. Америка ажәа агент аҧшыхәҩыгьы иаанагоит. Ҳзакәан аҿы аҧшыхәҩи агенти рыбжьара аиҧшымра азгәаҭоуп. Америка ажәа агент рхы иадырхәоит аҧшыхәҩы ианилацәажәогьы. Иаҳҳәап Џьеимс Бон агентр 007 иакәын, англыз бызшәала абас ауп ишыҟоу. Хаҭала сара атермин агент сгәаҧхоит. Ари аус атәым анырра амҩаҧгара ауп изызку. Уск ма интереск амҩаҧгара ианалацәажәо, атермин агент рхы иадырхәоит. Ҳәарада, егьырҭ атерминқәагьы рхархәара ҟалоит, аха, ари атермин иаҳа ианаалоит ҳәа сгәы иаанагоит. Ақырҭуа азакәанпроект аҿы данбанызаалак аӡәы агент иаҳасабала даарҧшым, араҟа аиуристтә хаҿқәа роуп ҳазлацәажәо. Убри аҟынтә, ари азакәан ашьаҭалаа, ауаҩы дыҧшыхәҩзаргьы, агент ҳәа изуҳәар ҟалом. Агент — анеитралтә терминуп. Атермин «аҧшыхәҩы» азакәан аҿы иҳәаақәҵоуп, уи азакәан иашьашәалам аҧшыхәратә усура ауп иаанаго.
Ари апроцесс аартызароуп, аӡә аҧара аҵәахра иҭаххар, иашьашәалоу аорганқәа иара иахь аинтерес аадырҧшуеит. Зегьы реиҳа ихадоу – афинансқәа зегьы аартызароуп, уи абзоурала ажәлар еилыркаауеит иарбанызаалак аиҿкаара аҧара ахьынтәаиуа, ари аҧара зырҭаху.
Аҵысра «Ҧхашьароуп» — «Амилаҭтә ҵысра» аекстремисттә мҵәыжәҩоуп. Ажәлар ирдыруазароуп арҭ аекстремистцәа аполиаризациазы аҧара ахьынтәаарго. Кезерашвили иоуп аҧара рызҭо, уаҟа, формалла, аконкреттә аҳәаанырцәтәи ахыҵхырҭақәа рҟынтә аҧара роуеит. Ажәлар ирдыруазароуп арҭ ауаа аҧара ахьынтәаарго. Ауааҧсыра ауснагӡатәқәа зегьы ирызкны аинформациа роуеит. Аиҿкаарақәа аартызаара иаҿагыланы ианықәгыло, лабҿаба иубарҭоуп дара маӡак шрымоу», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.