Иракли Кобахиӡе - Аимпичмент иазку адокументқәа аконституциатә аӡбарҭа иахьа адгалахоит
Иракли Кобахиӡе - Аимпичмент иазку адокументқәа аконституциатә аӡбарҭа иахьа адгалахоит

Ахада аконституциа ахьеилалгаз ақәҿыҭра ада ааныжьра ҟалом, аимпичмент иазку адокументқәа аконституциатә аӡбарҭа иахьа адгалахоит, аӡбарҭа ари азҵаара иахәаԥшуеит мызкы иалагӡаны, – иҳәеит апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе.

Кобахиӡе иажәақәа рыла, Қырҭтәыла ахада аконституциа ахьеилалгаз ихьанҭоу фактуп.

“Анапхгаратә гәыԥ ари афакт ақәҿыҭра ада ааннажьуам. Ҳара атәыла ашьаҭатә закәан апату ақәаҳҵоит. Аимпичмент иазку адокументқәа аконституциатә аӡбарҭа иахьа аофициалла адгалахоит. Аӡбарҭа ари азҵаара иахәаԥшуеит мызкы иалагӡаны, – иҳәеит апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе.