Иракли Кобахиӡе - Аҵаҩцәеи астудентцәеи аҵаратә ашықәс ҿыц алагара рыдысныҳәалоит, ақәҿиарақәа рзеиӷьасшьоит
Иракли Кобахиӡе - Аҵаҩцәеи астудентцәеи аҵаратә ашықәс ҿыц алагара рыдысныҳәалоит, ақәҿиарақәа рзеиӷьасшьоит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе ашколхәыҷқәеи астудентцәеи аҵаратә ашықәс ҿыц алагара рыдиныҳәалеит.

Аԥыза-министр ишазгәеиҭаз ала, аҵараҿы ақәҿиарақәа аԥсҭазаараҿ ақәҿиарақәа руасхыроуп.

“Аҵаҩцәеи астудентцәеи аҵаратә ашықәс ҿыц алагара рыдысныҳәалоит, ҷыдала рыдысныҳәалоит актәи акласс ахь ицаз ашколхәыҷқәа, актәи акурс иҭалазастудентцәа. Рыԥсҭазаараҿ аетап ҿыц алагоит. Аҵараҿы ақәҿиарақәа аԥсҭазаараҿ ақәҿиарақәа руасхыроуп.

Иара убас апедагогцәа аҵаратә ашықәс ҿыц алагара рыдысныҳәалар сҭахуп”, -иҳәеит аԥыза-министр.