Иракли Кобахиӡе абизнес еидгыла алахәылацәа аҵара асистема ареформа аконцепциа иазкны драцәажәеит 
Иракли Кобахиӡе абизнес еидгыла алахәылацәа аҵара асистема ареформа аконцепциа иазкны драцәажәеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе абизнес еидгыла алахәылацәа аҵара асистема ареформа аконцепциа иазкны драцәажәеит.

Аиҳабыра рдыррақәа рыла, аԥыза-министр абизнес еидгыла алахәылацәа иреиҳаӡоу аҵара ахаҭабзиара аиҕьтәра иазку ахырхарҭақәа ирызкны инарҭбааны драцәажәеит.

Аԥыза-министр аҵара асистема ареформа аконцепциа аусуратә џьармыкьа аҭахрақәа ирышьашәалоу ахырхарҭала абизнес ахаҭарнакцәа ирымоу агәаанагарақәа дырзыӡырҩын, урҭ рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.

„Ириеҳаӡоу аҵараиурҭақәа рахь студентцәа рыдкылара апроцесс аџьаус аџьармыкьа анализ ашьаҭала мҩаҧгахар ҳҭахуп. Ари анализ амҩаҧгараҿы абизнес ацхыраара ҳҭахуп. Иахьа аиҳабыреи абизнеси ари ахырхарҭала аус еицыруеит. Иреиҳаӡоу аҵара ареформа абизнес азы аҵакы ҷыда амоуп. Аҵара ареформа амҩаҧгараҿы хазхаҭалатәи асектор алахәызаара аҵакы ҷыда амоуп. Аџьаус аџьармыкьаҿы ирҭаху азанааҭқәа рацәоуп, насгьы аулафахәы ду зцу азанааҭқәа иҟоуп, аха, рыцҳарас иҟалаз, абри аҩыза азанааҭқәа алызхуа астудентцәа маҷуп. Ҳара ари азҵаара абаланс азаҳуроуп, амаҭәарқәеи ауниверситетқәеи рҿы аквотақәа еизшазар ҳҭахуп излауа ала аџьаус аџьармыкьа аҳәарақәа ирышьашәаланы“, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.