Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла аҧыза-министр аԥсылман тәылауаа Ҟурбан-баирам рыдиныҳәалеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, ҳтәыла иқәынхо аҧсылманцәа Қырҭтәыла аҭоурыхи, акультуреи, иахьатәи ҳаҧсҭазаареи иузалымхәа хәҭоуп
“Қырҭтәыла иқәынхо аҧсылманцәа зегьы гәыкала ишәыдысныҳәалоит Ҟурбан-баирам – аҭынчреи, аидгылареи, агәыҕреи, абзиареи риааира аныҳәа ду.
Ҳтәыла иқәынхо аҧсылманцәа Қырҭтәыла аҭоурыхи, акультуреи, иахьатәи ҳаҧсҭазаареи иузалымхәа хәҭоуп. Шәусуреи атәыла азгәыкреи ала, ҳтәыла ҧхьаҟацара апроцессаҿ хәы змам алагала ҟашәҵоит. Убри аҟынтә, шәгәырҕьара шәыцеиҩаҳшоит.
Иахьа шәҭаацәарақәа рҿы иҟоу агәырҕьара шәыцеиҩаҳшоит, аҭынчреи мышхәыбзазареи шәзеиҕьаҳшьоит”, – иануп адныҳәалара аҿы.