Иракли Кобахиӡе – 2030 шықәсанӡа аӡәыр Евроеидгыла алаларазы дмазеихар, уи Қырҭтәылахоит, ҳаиҳабыра имҩаҧырго аполитика абзоурала

14:29, 29.08.2023

2030 шықәсанӡа аӡәыр Евроеидгыла алаларазы дмазеихар, уи Қырҭтәылахоит, ҳаиҳабыра имҩаҧырго аполитика абзоурала, – иҳәеит  апартиа „Ақырҭуа гәахәтәы“ ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе.

Кобахиӡе Шарль Мишель иҟаиҵаз аҳәамҭа дахцәажәеит. Мишель ишиҳәаз ала, 2030 шықәсазы Евроеидгыла аҽарҭбааразы ихиазаауеит.

„Ари аҳәамҭа иҵоуроугьы иҵоурамгьы аганқәа амоуп. Аконкреттә арыцхә аҳәара аҵакы ду аман, аха, ари аҳәамҭа азеиҧш ҟазшьа аман, сара интересс исымоуп  2030 шықәсазы иарбан тәылоу ирыдыркыло,  избанзар, 18-12 шықәса раҧхьа акандидат астатус зауз атәылақәа иҟоуп, мамзаргьы, дара Балкантәи атәылақәа мацара ирылацәажәома.   18 шықәса раҧхьа акандидат астатус зауз атәыла бжьышықәса рнеҩс Евроеидгыла алахәылас шәҟалар ауеит ҳәа анрарҳәо, дара аоптимизм азы ашьаҭа роуам.  Акандидат астатус змоу, ма хара имгакәа ари астатус зауа  атәылақәа зегьы рзы 2030 шықәсатәи арыцхә актуалтә ҵакы амоуп ҳәа рҳәар иаҳа еиҕьхон ҳәа сгәы иаанагоит“, – иҳәеит Кобахиӡе.

Иара убас, Иракли Кобахиӡе ишиҳәаз ала,  Қырҭтәыла акандидат астатус аиурц азыҳәан иаҭаху зегьы ҟарҵоит.

„12 апунктқәа рынагӡара аганахьала апрогресс ҳамоуп, аусура наҳагӡоит, хара имгакәа аусура хыркәшахоит.  Ҳара ҧхынҷкәын азы акандидат астатус аиуразы ҳахиазаауеит.  Аполитикатә аӡбара еснагь  50-50 наӡынала ишоуп, изакәытә аӡбароу ирыдыркыло аабап. Аконкреттә арыцхә рҳәар бзиан.  Македониа  18  шықәса раҧхьа кандидатс иҟалеит, Монтенегрои Сербиеи  10-12 шықәса раҧхьа, Албаниеи, Украинеи, Молдовеи, Босниеи уҳәа, абарҭ атәылақәа рҟынтә  2030 шықәсазы Евроеидгыла алаларазы Қырҭтәыла зегьы реиҳа имазеизаауеит, аекономикатә азҳара аганахьалагьы.   2030 шықәсанӡа аӡәыр Евроеидгыла алаларазы дмазеихар, уи Қырҭтәылахоит, ҳаиҳабыра имҩаҧырго аполитика абзоурала. 2030 шықәсазы аӡәыр алахәыла астатус иоур, уи Қырҭтәылахоит“, – иҳәеит Кобахиӡе.

 

Еиԥшу