Иракли Кобахиӡе - Китаи аҟны аусеицура еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аҵак ду амоуп
Иракли Кобахиӡе - Китаи аҟны аусеицура еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аҵак ду амоуп

Китаи аҟны аусеицура еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аҵак ду амоуп, ҳара ҳзы Китаи аҟны аполитикатә усеицура ихадароуп, ихадароуп аекономикатә усеицура, Китаи аҟны аусеицура иконкрету алҵшәа аиуеит ҳтәылеи ҳтәыла атәылауааи рзы, – иҳәеит “Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе.

Иракли Кобахиӡе иажәақәа рыла, Китаи авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны анапхгаратә партиа ахаҭарнакцәа ирԥылоит, иара убас ирԥылоит анагӡаратә мчра ахаҭарнакцәагьы. Кобахиӡе ишазгәеиҭаз дырԥылеит анапхгаратә партиа жәларбжьаратә департамент анапхгаҩы, аминистр Лиу Ӡинчаои, аминистр ихаҭыԥуааи, Аҳәынҭқарратә хеилак иаҵанакуа Аҭҵааратә центр анапгаҩи.

„Анапхгаратә партиа жәларбжьаратә департамент анапхгаҩы, аминистр Лиу Ӡинчаои, аминистр ихаҭыԥуааи, Аҳәынҭқарратә хеилак иаҵанакуа Аҭҵааратә центр анапгаҩи сырԥылеит. Ҳусеицура арҭбаара иазкны аинтерс змаз аиҿцәажәара ҳаман. Китаи аҟны аусеицура еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аҵак ду амоуп, ҳара ҳзы Китаи аҟны аполитикатә усеицура ихадароуп, ихадароуп аекономикатә усеицура, Китаи аҟны аусеицура иконкрету алҵшәа аиуеит ҳтәылеи ҳтәыла атәылауааи рзы”, – иҳәеит Кобахиӡе.

“Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе дызхагылоу анапхгаратә партиа аделегациа Китаи иҟоуп.