Иракли Кобахиӡе - Ԥхынгәы азы 13%-тәи аекономикатә азҳара иҟан, аекономикатә азҳара аласра ду ахьчара  аусурҭадареи аҕарреи раҧыхра иацхраауеит
Иракли Кобахиӡе - Ԥхынгәы азы 13%-тәи аекономикатә азҳара иҟан, аекономикатә азҳара аласра ду ахьчара аусурҭадареи аҕарреи раҧыхра иацхраауеит

Ԥхынгәы азы 13%-тәи аекономикатә азҳара иҟан, аекономикатә азҳара аласра ду ахьчара аусурҭадареи аҕарреи раҧыхра иацхраауеит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿ.

Аҧыза-министр аекономикатә азҳара арбага данахцәажәлз ишазгәеиҭаз ала, ҧхынгәы азы 13%-тәи аекономикатә азҳара иҟан, убри аҟынтә,  бжьымзтәи  абжьаратә азҳара 9.7% ираҟарахеит, уи европатәи атәылақәеи арегион атәылақәеи рыбжьара иреиҕьу арбагоуп. Иракли Кобахиӡе иҳәамҭала, аекономикатә азҳара аласра ду ахьчара  аусурҭадареи аҕарреи раҧыхра иацхраауеит.  

Ҧхынгәы азы 13%-тәи аекономикатә азҳара ҳаман, убри аҟынтә,  бжьымзтәи абжьаратә азҳара 9.7% ираҟарахеит, уи европатәи атәылақәеи арегион атәылақәеи рыбжьара иреиҕьу арбагоуп. Ҳара аекономикатә азҳара аласра ду ахьчароуп хықәкыс иҳамоу, уи аусурҭадареи аҕарреи аҧыхразы иреиҕьу хархәагоуп. Жәаҳәарада, абри зегьы ҳтәылаҿ етапла мышәхыбзазара ахаҭабзиара аиҕьтәра иацхраауеит“, –  иҳәеит Иракли Кобахиӡе.