Иракли Ҕарибашвилии Никол Ҧашиниани ашьапылампылтә матч  Испаниа-Англиа аҿы иҟан
Иракли Ҕарибашвилии Никол Ҧашиниани ашьапылампылтә матч  Испаниа-Англиа аҿы иҟан

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, иҧҳәыси,  иҧеи,  Шәамахьтәыла аҧыза-министр  Никол Ҧашиниании  дрыцны,  Европа аҿартә чемпионат афиналтә матч аҿы дыҟан.

Баҭым имҩаҧысуаз аматч аҿы еиҧылон Испаниеи Англиеи реизгақәа.

Англиа аизга  1:0 ҳәа аиааира агеит.

Астадионаҿ иҟан Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи аиҳабырақәа рылахәылацәагьы.

Никол Ҧашиниан Қырҭтәыла иусуратә визит хыркәшоуп.

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  иколлега днаскьеигеит Баҭымтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазантә.