Иракли Ҕарибашвилии Ҳуберт Қнирши Евроеидгыла алаларазы Қырҭтәыла иҟанаҵаз аофициалтә азыҳәамҭа иалацәажәеит
Евроеидгыла алаларазы Қырҭтәыла иҟанаҵаз аофициалтә азыҳәамҭеи Қырҭтәылеи Германтәылеи реизыҟазаашьақәеи ирылацәажәеит аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ҳуберт Қнирши реиҧылараҿы.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, мшаҧы 11 рзы Еврокомиссиа Қырҭтәыла ианаҭаз азҵаабҕьыц ала Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа рҿы аетап ҿыц иалагеит, уи атәыла аҭакҧхықәра ду аднаҵоит Евроеидгыла алалара иазку аҽазышәара иаҳа арҕәҕәаразы. Иара ишиҳәаз ала, апроцесс қәҿиарала амҩаҧгареи излауа ала ирласны ахыркәшареи азыҳәан, аусбарҭақәа зегьы еиқәшаҳаҭны аус руроуп, аҧыза-министр ихаҭа ари апроцесс дахылаҧшуеит.
Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, атәыла қәҿиарала инанагӡоит Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра (AA) аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭоу адемократиатә реформақәа рымҩаҧгара, иаҵшьны иазгәаҭан ари апроцесс аҿы жәларбжьаратәи апартниорцәа зегьы, Германтәылагьы нрылаҵаны, инарыгӡо ароль ду.
Аганқәа рхаҭарнакцәа Украина имҩаҧысуа аибашьрагьы иалацәажәеит. Иракли Ҕарибашвили даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла аполитикатә ганахьала Украина ишадгыло, ҷыдала иазгәаҭан ақырҭуа аган аукраин жәлар ирырҭо агуманитартә цхыраара.
Иара убас, аиҧылараҿы азанааҭтә аҵара азҵаарақәагьы ирылацәажәеит. Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра атәылаҿы азанааҭтә аҵара аҿиареи ари апроцесс аҿы Германтәыла алахәызаареи адгылареи аҵакы ду анаршьоит.