Иракли Ҕарибашвилии FTX Crypto Derivatives Exchange ашьаҭаркҩи ҧхьаҟатәи аусеицура аперспективақәа ирыхәаԥшит
Иракли Ҕарибашвилии FTX Crypto Derivatives Exchange ашьаҭаркҩи ҧхьаҟатәи аусеицура аперспективақәа ирыхәаԥшит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Миунхентәи Ашәарҭадара аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, аилахәыра  FTX Crypto Derivatives Exchange ашьаҭаркҩи анагӡаратә директори Сам Банкман-Фрид диҧылеит. Аиҧылараҿы иазааҭгылеит ҳаҧхьаҟа аусеицура аперспективақәеи, Қырҭтәыла ахьышьҭоу аҭыҧ аманшәалареи,  аинвесторцәа алшара дуқәа рызҭо, атәылаҿы еиқәыршәоу иҭышәынтәалоу абизнеслагылазаареи. 

Аиҿцәажәара аан аганқәа рхаҭарнакцәа арегион аҿгьы аглобалтә аҩаӡараҿгьы акриптовалиутеи  адеривациатә аалыҵи рфондтә биржа аусура арҭбаара аганахьала иҟоу адинамика бзиа иазааҭгылеит. 

Аиҳабыра рнапхгаҩы  FTX Crypto Derivatives Exchange ашьаҭаркҩы идигалеит Қырҭтәылаҿ арегионалтә офис аартра, мамзаргьы, арегион зегьы аҿы ахархәаҩцәа рымаҵ зуша асервисқәа рырҭбаара алшара. Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра аинвесторцәа иаадырҧшуа азҿлымҳара иадгылоит, атәылашҟа ишиашо атәым инвестициақәа алагалара иақәшаҳаҭуп. 

Аофициалтә дыррақәа рыла, FTX Crypto Derivatives Exchange  (40 миллиард адоллар амал змоу аилахәыра) ашьаҭаркҩи анагӡаратә директори Сам Банкман-Фрид акриптовалиута аусхкы аҿы адунеи зегьы реиҳа идуу амал имоуп, имал  22,5 миллиард адоллар иаҟароуп. Сам Банкман-Фрид ишааицҳаз ала, имал аиҳара агәыҳалалратә хықәкқәа ирзикуеит.