Иракли Ҕарибашвили, жәабран 18-20 рзы Миунхентәи Ашәарҭадара аконференциа ихы алаирхәоит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, жәабран 18-20 рзы Миунхен имҩаҧысуа Миунхентәи Ашәарҭадара аконференциа ихы алаирхәоит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы, аконференциа аҽалархәра иадҳәаланы, Миунхентәи Ашәарҭадара аконференциа ахантәаҩы Вольфганг Ишингер иҟынтә ааҧхьара иоуит.
„Миунхентәи Ашәарҭадара аконференциа жәларбжьаратәи ашәарҭадара аполитика аҳәаақәҵара иазку адунеи идуӡӡоу форумуп. Есышықәса, жәабран азы, ари ауснагӡатә аҿы еизоит адунеи еиуеиҧшым атәылақәа рҟынтә 450 ҩык иреиҳаны аӡбарақәа здызкыло ачинҳаракҩцәеи атәылақәа рлидерцәеи, дара ашәарҭадара аполитикаҿы зегьы реиҳа зҵакы дуу азҵаарақәа ирылацәажәоит. Акоронавирус ахкҿыц иахылҵыз апандемиа амшала, 2021 шықәсазы Миунхентәи Ашәарҭадара аконференциа ҳзымҩаҧаҳамгеит, аха, авиртуалтәи аҭелтәи форматқәа рҿы имаҷымкәа зыҩаӡара ҳараку аиҧыларақәа мҩаҧган, урҭ „Миунхенҟа амҩа“ рыхьӡын. Абри зегьы хықәкыс иаман жәларбжьаратәи аӡбарақәа здызкыло ахаҿқәа рыбжьара ашәарҭадара аполитиказы адиалог амҩаҧгареи, 2022 шықәса жәабаран азы адебатқәа рымҩаҧгаразы ашьаҭа аҧҵареи. 2022 шықәсазы Миунхентәи Ашәарҭадара аконференциа ауаажәлар ауникалтә алшара рыднагалоит астратегиатә дебатқәа рымҩаҧгарала зыҩаӡара ҳараку аидеиақәа реиҭныҧсахларазы. Асцена аҟынтә ацәажәареи, ҩ-ганктәии аганрацәалатәии аиҧыларақәеи мҩаҧгахоит. Иҳаҩсыз ашықәсқәа раан ишыҟаз еиҧшҵәҟьа, сынтәагьы, апрограмма ҳада аформат аҿы имҩаҧгахо адебатқәа инрываргыланы, жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аинститутқәеи аиҿкаарақәеи реиҿкаарала имаҷымкәа ауснагӡатәқәа мҩаҧысуеит. Ҳәарада, аконференциа аформати апрограммеи еиқәыршәазаауеит зыӡбахәы ҳәоу аамҭазы амч змазаауа агәабзиарахьчаратәи ашәарҭадаратәи регулиациақәа инрықәыршәаны. 2022 шықәса жәабран азы Миунхен шәыдкылара cахыццакуеит“, – иануп Қырҭтәыла аҧыза-министр иоуз Вольфганг Ишингер ишәҟәы аҟны.