Иракли Ҕарибашвили – Зеленски иҳәамҭа сзахцәажәом, ари атәыла еибашьуеит, ҳтәыла  аҕацәа  аспекулиациақәа рзы амзыз рысҭар сҭахым
Иракли Ҕарибашвили – Зеленски иҳәамҭа сзахцәажәом, ари атәыла еибашьуеит, ҳтәыла  аҕацәа  аспекулиациақәа рзы амзыз рысҭар сҭахым

«Зеленски иҳәамҭа сзахцәажәом, ари атәыла еибашьуеит, ҳтәыла  аҕацәа  аспекулиациақәа рзы амзыз рысҭар сҭахым», — иҳәеит аҧыза-министр Иракли  Ҕарибашвили.

Ҕарибашвили иҳәамҭала,  Зеленскии ақырҭуа оппозиционерцәақәаки рҳәатәы еиқәшәоит.

«Ахада Зеленски раҧхьаӡа акәны ари аиҧылара далахәын. Украина иҟоу аҭагылазаашьа даараӡа саргәамҵуеит, есымша ақалақьқәа дырбгоит, аинфраструктура иқәырхуеит.   Ахәыҷқәа, аҳәса, аҭаҳмадацәа  —  рызынтәгьы абри аибашьра амшала арыцҳара иҭагылоуп. Еибашьуа атәыла аҭынчреи ирласӡаны аибашьра ахыркәшареи  азеиҕьасшьар сҭахуп.  Зеленски иҳәамҭа сзахцәажәом, ари атәыла еибашьуеит, ҳтәыла  аҕацәа  аспекулиациақәа рзы амзыз рысҭар сҭахым. Зеленски иҳәамҭақәеи ҳтәыла аҩныҵҟа иҟоу аҕаратә мчқәа рҳәамҭақәеи еиқәшәоит, уи угәы иалсратәы иҟоуп. Сара адеструктивтә оппозициаа роуп сызлацәажәо, дара ҳтәыла евроинтеграциа апроцессаҿ акгьы ҟарҵом, акандидат астатус ҳаурц азыҳәан акгьы ҟарҵом», — иҳәеит Ҕарибашвили.