Иракли Ҕарибашвили – Украина иҭахеит 33ҩык ҳтәылауаа, ҳара ҳзы уи рыцҳароуп, иҭахаз рҭаацәара срыдашшылар сҭахуп
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Украина иҭахаз ақырҭуа ақәҧаҩцәа рҭаацәарақәеи руацәеи дрыдашшылеит. Иракли Ҕарибашвили ари аҳәамҭа ҟаиҵеит аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.
«Иҭахаз ақәҧаҩцәа рҭаацәарақәеи руацәеи срыдашшылоит. Даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп ҳара арыцҳара ду ҳшақәшәаз. Гәаартыла исҳәар сҭахуп, ацәыӡ ду ҳауит. Украина имҩаҧысуа аибашьраҿы 33ҩык ҳтәылауаа ҭахеит, уи рыцҳароуп. Рҭаацәарақәеи руацәеи срыдашшылоит.
Ажәлар даҽазнык иргәаласыршәар сҭахуп ари апроцессаҿ атәыла анапхгара инарыгӡо ароль. Аиҳабыра рыӡбарала, аҭаацәарақәа рҟны еиқәшаҳаҭрала, аиҳабыра иҭахаз рыҧсыбаҩқәа аҧсадгьылахь раагара апроцесс иалахәын. Ацҳаражәҳәарҭа ишиашо ари апроцесс иалахәын. Ахарџьқәа зегьы аҳәынҭқарра ихнаҩоит, избанзар иҭахаз реиҳара ҧасатәи аполициа аусзуҩцәа, аофицарцәа, уҳәа, арратә маҵзуҩцәа роуп. Ҳтәылаҿ иҟаз аибашьрақәа ирылахәын. Абарҭ афактқәа зегьы ҳаҭырла иазгәаҭан, дара анышә иамадан арратә ҳаҭырла. Руацәа даҽазнык срыдашшылар сҭахуп», — иҳәеит Ҕарибашвили.