Иракли Ҕарибашвили  - Уажәы аҽынҭынчреи ацивилизациатә формала агәаанагара аарҧшреи ауп иаҭаху, апартиақәа акыр рылшозар, алхрақәа рзы рҽазыҟарҵааит
Иракли Ҕарибашвили  - Уажәы аҽынҭынчреи ацивилизациатә формала агәаанагара аарҧшреи ауп иаҭаху, апартиақәа акыр рылшозар, алхрақәа рзы рҽазыҟарҵааит

Апартиақәа акыр рылшозар, алхарақәа рзы рҽазыҟарҵааит, – иҳәеит  „Ақырҭуа гәахәтәы“ ахантәаҩы Иракли Ҕарибашвили.

Иара иажәақәа рыла, иарбанзаалак амчылара иақәыӡбатәуп.

„Амчылара сақәшаҳаҭым.   „Амилаҭтә ҵысра“ иахьагьы ҳтәылаҿы амчыларатә партиа хадоуп, аха, уезгьы, абри аҩыза афактқәа иҟамзароуп. Уажәы ҳажәлар аҭынчра рҭахуп ҳәа сгәы иаанагоит,  аҭагылазаашьа аҭыҧ иқәҵатәуп,  дара акыр рылшозар,  алхрақәа рзы рҽазыҟарҵааит. Рыцҳарас иҟалаз,  ҳтәылаҿ уажәгьы аибарххареи аполиаризациеи иҟоуп.  Уажәы аҽынҭынчреи ацивилизациатә формала агәаанагара аарҧшреи ауп иаҭаху. Арҭ ауаа Европа рҭахыҵәҟьазар, ак рыҧсахыр рҭахызар, зны дара рхаҭа рҽырыҧсахроуп, ирымоу азнеишьеи ариторикеи рыҧсахроуп. Алхрақәа рзы рҽазыҟарҵааит, – иҳәеит Ҕарибашвили.