Иракли Ҕарибашвили – Цқьа ҳазхәыцны имҩаҧааго аполитикеи ҳпартниорцәа рҟны акоординациеи абзоурала, ҳтәылаҿ ашәарҭадара ахьчареи жәларбжьаратә уаажәларра аҭак зыҧхықәу алахәылас аҟазаареи ҳалшеит
«Агеографиатәи, арегионалтәи, аглобалтәи проблемақәа шыҟоугьы, Украина аибашьра шынагӡоугьы, Ааигәатә Мрагылараҿ аҭагылазаашьа шыцәгьоугьы, ҳара, цқьа ҳазхәыцны имҩаҧааго аполитикеи ҳпартниорцәа рҟны акоординациеи абзоурала, ҳтәылаҿ ашәарҭадара ахьчареи жәларбжьаратә уаажәларра аҭак зыҧхықәу алахәылас аҟазаареи ҳалшеит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили «Қарҭтәи Абырфынтә мҩа афорум» аҿы данықәгылоз.
Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, 2012 шықәса инаркны, Қырҭтыла анапхгара аҭынчреи аҭышәынтәалареи ахьчара рылшеит.
«2008 шықәсазы Қырҭтәыла арратә агрессиа иахысит, ари агрессиа алҵшәақәа иахьагьы иубарҭаоуп, избанзар Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟынтә 20% уажәгьы Урыстәылатәи афедерациала импыҵахалоуп. 100 нызқьҩык ауааҧсыра рҩнқәа рааныжьра рықәшәеит. Сара иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп арыцҳара ду шаҳхаагазгьы, ҳара, зыҧшра ҟамҵакәа ҳамбициақәа рынагӡара ҳшалагаз, ҳара етапла, Қырҭтәыла иҟаҳҵоит атәынчреи, аҭышәынтәалареи, аекономикатә азҳареи аиқәыршәара зылшо тәылас. Қырҭтәыла аибашьра закәу адыруеит, аҭынчра зыҧсоу адыруеит. 2012 шықәса инаркны, ҳара, атәыла анапхгара, жәашықәса еиҳаны аҭынчреи аҭышәынтәалареи ахьчара ҳалшеит, уи абзоурала, ҳпартниорцәа ҳтәыла иаҳа агәра рго алагеит », — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.