Иракли Ҕарибашвили – Сынтәатәи ашықәс хыркәшахоит ҩы-хыҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳарала
Сынтәатәи ашықәс хыркәшахоит ҩы-хыҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳарала, абри апрогресс атәылауаҩ цыҧхьаӡа иныҧшроуп, абри ауп уажәазы ҳасабтәс иҳамоу, — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ацҳаражәҳәаҩцәеи аҳәаанырцә аус зуа Қырҭтәыла адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәеи рҟны имҩаҧигаз авидеоконференциаҿы.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иаҵшьны иазгәеиҭеит аекономикатә азҳара зеиҧшҟамлац аласра, иара ишиҳәаз ала, сынтәатәи ашықәс хыркәшахоит ҩы-хыҧхьаӡарак змоу аекономикатә азҳарала.
«Сара аҧыза-министрс саныҟарца инаркны, аҩнуҵҟатәи аполитикатә ҭагылазаашьеи адәныҟатәи аполитикеи инрываргыланы, аекономика аиҭашьақәыргыларагьы сҽазызкит. Сареи ҳгәыҧи абри ахырхарҭала алҵшәа бзиа зхылҵыз ашьаҿақәа ҟаҳҵеит ҳәа сгәы иаанагоит, убри аҟынтә, зеиҧшҟамлац ала ирласны аекономика аиҭашьақәыргылареи, астимулирреи, адиверсификациеи ҳалшеит. Ҳаҧхьаҟагьы абри ауп ҳасабтәс иҳамазааша. Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы иҟаз акаҳара ашьҭахь, хәажәкыра инаркны, есымзатәи аекономикатә азҳара иҵоуроу арбага ҳзаанагеит, ҩы-рыцхәтәи аекономикатә азҳра ҳамоуп. Сынтәатәи ашықәс хыркәшахоит ҩы-хыҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳарала, арегион аҿгьы Европагьы, Ирландиа ада абри аҩыза арбага џьаргьы иҟам, уигьы аҵакы ду амоуп. Абри апрогресс атәылауаҩ цыҧхьаӡа иныҧшроуп — абри ауп уажәазы ҳасабтәс иҳамоу. Ахадаратә проблемақәа — аҕарреи аусурҭадареи ирыдҳәаланы иааиуа амшқәа рзы ахәаҧшыра ҿыцқәа шәызцәыраагоит, абри ауп сара гәазыҳәарас, идеиас, хықәкыс исымазаауа», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.