Иракли Ҕарибашвили Саудтәи Аравиа аҳра атуризм аминистр диҧылеит  
Иракли Ҕарибашвили Саудтәи Аравиа аҳра атуризм аминистр диҧылеит  

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Саудтәи Аравиа аҳра атуризм аминистр  Аҳмед аль Хатиб диҧылеит.  

Аганқәа рхаҭарнакцәа Саудтәи Аравиа аҳраҿы аҧыза-министр ивизитаан ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡара адинамикеи ари ахырхарҭала наҟ-наҟтәи апланқәеи ирылацәажәеит. 

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, ақырҭуа аган иҭышәынтәалоу атуризм апринципқәеи, аиновациақәеи, аҵареи аусхкқәа рҿиара иазку Саудтәи Аравиа аҳра аинициативақәа ирзыразуп. 

Иракли Ҕарибашвили Саудтәи Аравиа аҳра аиҳабыра ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭтәыла атәылауаа аҭааҩцәа реклектронтә виза ранашьаразы, иара ишазгәеиҭаз ала, аелектронтә виза ҩ-тәылак рыбжьара атуристцәа реишьҭаҵа азнарҳауеит.