Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Rothschild & Co анагӡаратә директор Ариель Маллард де Ротшильд дылҧылеит.
Аҧыза-министр ипресс-маҵзура адыррала, аиҧылараҿы иалацәажәеит Қырҭтәыла арегионалтә центрс аҟаҵара азҵаара.
Зыӡбахәы ҳәоу астратегиа ихиаалоуп аҧыза-министр иҧшьгарала, ари апроцесс активла иалахәын аилахәырақәа Rothschild & Co-и Kaiser Partner-и. Астратегиа хықәкыс иамоуп атехнологиақәеи, аҵареи, афинанстә сервисқәеи ахырхарҭала арегионалтә центрс атәыла аиҭакра.
Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра ҷыда рызун афинанстә регионалтә центр ҳасабала атәыла аиҭакра иадҳәалоу азҵаарақәа, уи аинвестициақәа рыдыҧхьалареи, аусуратә ҭыҧ ҿыцқәа раҧҵареи, ҳаамҭазтәи афинанстәии атехнологиатәи аҿыцҧшьгарақәа раларҵәареи иацхраауеит. Аиҧылараҿы даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла иманшәалоу аинвестициатә лагылазаареи, акапитал аџьармыкьа аҿиареи, уи атәыла аекономикатә политикаҿы аҧыжәара змоу ахырхарҭақәа иреиуп.
Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит Kaiser Partner анагӡаратә директор Стефан Линигер, Kaiser Partner астратегиатә хырхарҭа анапхгаҩы Тилла Кавенги, Rothschild & Co абжьагаҩ Пиер Аделин, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡе.