Иракли Ҕарибашвили   – Қырҭтәылеи НАТОи реизыҟазаашьақәеи Америкеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәеи иреиҳаӡоу аҩаӡараҿы иҟоуп
Иракли Ҕарибашвили   – Қырҭтәылеи НАТОи реизыҟазаашьақәеи Америкеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәеи иреиҳаӡоу аҩаӡараҿы иҟоуп

«Жәларбжьаратәи аусеицура ҕәҕәа ада Арбџьармчқәа қәҿиарала рырҿиара зыҟалом», — иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла арбџьармчқәа рышьаҭаркра инаркны  30 шықәса аҵра инамаданы имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала,  иахьазы  Қырҭтәылеи НАТОи реизыҟазаашьақәеи Америкеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәеи иреиҳаӡоу аҩаӡараҿы иҟоуп.

«Абри апартниорра ҳара иаҳзеиҧшу адемократиатә принципқәа рышьаҭала ишьақәгылеит, уи ҳтәыла адемократиатә аҿиареи, ҳтәыла арбџьармчқәа ринституциатә аиҭакреи, евроатлантикатә интеграциеи азы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп. Иахьа абра, ҳҳныҳәа иалахәы  НАТО арратә комитет ахантәаҩы, ҳаҭыр зқәу амаршал  салам иҭаны, ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп адгылареи аусеицуреи азыҳәан», — иҳәеит Аҧыза-министр.