Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Ҟатар ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Ҳасан бин Аҳмед Аль-Мутава диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Ҟатар ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Ҳасан бин Аҳмед Аль-Мутава диҧылеит.
Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылара аибадырратә ҟазшьа аман. Хшыҩзышьҭра рызун ҩ-тәылак рыбжьара ишьақәгылаз аизыҟазаашьақәеи аекономикатә усеицура арҭбаара аҵаки.
Аганқәа рхаҭарнакцәа еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицура аперспективақәа ирылацәажәеит. Иаҵшьны иазгәаҭан абизнесқәа рыбжьара аимаадара арҭбаара аҵакы. Иара убас, аиҧылара алахәылацәа Қырҭтәыла еиқәыршәоу аинвестициатә лагылазаареи ари ахырхарҭала ҩ-тәылак русеицуреи иазааҭгылеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ацҳаражәҳәаҩ ҿыц иусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.