Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель иҟны аиҧырҵратә аиҧылара мҩаҧигеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель иҟны аиҧырҵратә аиҧылара мҩаҧигеит
Аганқәа рхаҭарнакцәа еиуеиҧшыма усхкқәа рҿы Қырҭтәылеи Евроеидгылеи русеицура иалацәажәеит. Иаҵшьны иазәгаҭан аҵыхәтәантәи ашықсқәа рзы иҟаз апрогресси ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рҿы адинамика бзиеи.
Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла европатәи аперспектива анашьара иазку аӡбара аҭоурыхтә ҵакы аман, Европатәи ахеилаки Евроеидгыла атәылақәа рлидерцәеи ишьақәдырҕәҕәеит Қырҭтәыла аҧеиҧш Евроеидгыла ишадҳәалоу.
Иракли Ҕарибашвили Карл Ҳарцель ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, евроинтеграциеи адгыларазы.
Аҧыза-министр Қырҭтәылеи Евроеидгылеи ҩ-ганктәи реизыҟазаашьақәа рырҿиараҿы Карл Ҳарцель иҟаиҵаз алагала ду азгәаҭаны, уажәшьҭарнахыстәи иусураҿы ақәҿирақәа изеиҕьеишьеит.