Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла анефти агази рыҵхра иалаго анефтеилахәыра OMV Petrom анапхгаҩцәа дырҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла анефти агази рыҵхра иалаго анефтеилахәыра OMV Petrom анапхгаҩцәа дырҧылеит
Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла анефти агази рыҵхра иалаго анефтеилахәыра OMV Petrom анапхгаҩцәа дырҧылеит. Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылара лхы алалырхәит аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи азы аминистр Наҭиа Турнава. Аиҧылара алахәылацәа ишырҳәаз ала, абри апроект аҵакы ду амоуп.
Иара убас, ишазгәаҭаз ала, аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Қырҭтәыла – ашельфтә хәҭаҿы анефҭи агази рыҵхырҭақәа рыҧшааратә усурақәа ахьымҩаҧысуа атәылақәа ируакуп. Апроект ала иазҧхьагәаҭоуп Амшын еиқәа аконтинентальтә шельф аҿы (5282 акв. км. аҵакыра) 25 шықәса рыҩнуҵҟа аҧшыхәреи, аҵхреи, агеологиатәи агеофизикатәи адыррақәа аус рыдулареи.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, абри аҩыза аилахәыра ду Қырҭтәыла аусура алагара афакт даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит атәылаҿы абизнес-лагылазаара шыманшәалоу, адунеитә ҵакы змоу идууӡоу аилахәырақәагьы ишаднаҧхьало.
Абри аҩызаҵәҟьа апроект — Румынтәыла атерриториатә аӡқәа рҿы ахыҵхырҭа «Домино» аартра апроект 1, 5 миллиард адоллар иаҧусоуп. Амшын еиқәа арегион аҿы иҟоу атәылақәа рҟынтә агеологиатә аҧшыхәаратә усурақәа мҩаҧысуеит Ҭырқәтәылеи, Урыстәылеи, Болгариеи, Румынтәылеи, Украинеи. Аҧшыхәаратә усурақәа раан Румынтәылеи Украинеи, зыӡбахәы ҳәоу аилахәыра аус ахьауа Болгариатәи акоммерциатә хыҵхырҭа иазааигәаны, арацәаӡриқәа рхыҵхырҭа дуқәа рбеит.