Иракли Ҕарибашвили, Қарҭтәи Џьума-аџьамааҿы аҧсылманцәа Курбан-баирам аныҳәа рыдиныҳәалеит
«Ҳаҭыр дула ишәыдысныҳәалар сҭахуп аныҳәа Курбан-баирам. Ҳтәыла иқәынхо аҧсылманцәа зегьы, ҳтәылауаа гәыкала ирыдысныҳәалоит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Џьума-аџьамааҿы.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, Курбан-баирам – абзиареи, абзиара аиааиреи, агәыҕреи рныҳәамшуп.
«Ҳуаажәларра аинычҳара рылоуп. Егьырҭ ауааҧсыра рдинхаҵара, ррелигиа пату ақәаҳҵоит. Ҳара атәым динхаҵара, атәым религиа пату ақәҵара иҳуалуп. Абасоуп сара ақьырсианра шеилысуаауа, абасоуп ҳазынтәгьы ақырҭуара шеилакҳаауа. Аиҳабыра рнапхгаҩы иаҳасабала, сара исылшо зегьы ҟасҵоит излауа ала шәуаҧшьынеи шәдоуҳатә лидерцәеи рыдгыларазы. Ҳәарада, ҳара иаҳзеиҧшу ахықәкы ҳамоуп – Қырҭтәыла ҕәҕәа аргылара, ари аус аҿы ҳшәықәгәыҕуеит. Даҽазнык ишәыдысныәҳалоит, агәабзиареи, мышхәыбзазареи, аразҟи шәзеиҕьасшьоит», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ицны Џьума-аџьамааҿы иҟан адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәагьы.