Иракли Ҕарибашвили – Ҧасатәи аиҳабыра иаархәаз зыхә дуу агежьҧрыга иахьыҟаҵоу азауадахь иҳархынҳәуеит, уи ацынхәрас агежьҧрыга ҿыцқәа хҧа ааҳхәуеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭала, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра агежьҧрыга ҿыцқәа раахәара амзызла активала аус ауеит.
Аиаҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, ҧасатәи аиҳабыра иаархәаз зыхә дуу агежьҧрыга иҭины, уи ацынхәрас агежьҧрыга ҿыцқәа хҧа аархәарц рыӡбеит.
«Гомелаури дызхагыло аусбарҭа агежьҧрыга ҿыцқәа раахәара амзызла активла аус ауеит. Ҳара ари азҵаара хшыҩзышьҭра ду азаауеит. Ишыжәдыруа ала, аҳәынҭқарра иамоуп зыхә дуу авертолиот, уи ҧасатәи аиҳабыра рхаан ҧасатәи ахада изы иаархәеит. Зыӡбахәы ҳәоу агежьҧрыга жәабала амиллион евро иахҭнырҵеит. Ҳара ари авертолиот ахархәаразы мап ҳкит. Ҧасатәи аиҳабыра иаархәаз зыхә дуу агежьҧрыга иахьыҟаҵоу азауадахь иҳархынҳәуеит, уи ацынхәрас агежьҧрыга ҿыцқәа хҧа ааҳхәуеит», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.