Иракли Ҕарибашвили Оливер Варҳеи диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Бриуссель ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Арҭбаареи агәыларатә политикеи азҵаарақәа рзы Еврокомиссар Оливер Варҳеи диҧылеит.
Еврокомиссиаҿы имҩаҧгаз аиҧылараан иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла европатәи аперспектива анашьара иазкны рашәарамзазы Европатәи Ахеилак иаднакылаз аҭоурыхтә аӡбара аҵакы. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, зыӡбахә ҳәоу аӡбара абзоурала, Евроеидгыла алаларанӡа Қырҭтәыла иназгаша апроцесс аҿы аетап ҿыц иалагеит. Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла, ирласӡаны ицәырнагеит европатәи Ахеилак ала ишьақәыргылаз 12 аҳәарақәа рынагӡара иазку ауснагӡатәқәа рплан. Аусуратә процесс активла иалахәып апарламенти, аиҳабыреи, аоппозициатә партиақәеи, иара убас, атәылауаҩратә уаажәларрагьы.
Аҧыза-министр иажәақәа рыла, Қырҭтәыла Евроеидгыла аҿаҧхьа ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа зегьы рынагӡара абзоурала, акандидат астатус аиуп ҳәа дгәыҕуеит. Иара убас, аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Ассоциациа аусхәаҧштә ҿыц 2021-2027 шықәсқәа рзы – Қырҭтәыла амбициатә реформақәа рынагӡара иазку ауснагӡатәқәа рплан азы шьаҭас иҟалоит. Аганқәа рхаҭарнакцәа Евроеидгылаҟны аекономикатәи асектортәи интеграциа аҵаки, ахәаахәҭреи уи иадҳәалоу егьырҭ азҵаарқәеи ирылацәажәеит.