Иракли Ҕарибашвили – Олаф Шольц ҳиацәажәеит Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцессаҿ иҟоу апрогресси ҳтәылақәа рыбжьара апартниорра арҕәҕәара ахымҧадареи  азы  
Иракли Ҕарибашвили – Олаф Шольц ҳиацәажәеит Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцессаҿ иҟоу апрогресси ҳтәылақәа рыбжьара апартниорра арҕәҕәара ахымҧадареи  азы  

«Олаф Шольц ҳиацәажәеит Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцессаҿ иҟоу апрогресси ҳтәылақәа рыбжьара апартниорра арҕәҕәара ахымҧадареи  азы», — иҩит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили асоциалтә аҳа Twitter аҿы Германтәыла афедералтә канцлер Олаф Шоль даниҧыла ашьҭахь.

Аиҳабыра рнапхгаҩы Германтәыла ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит Евроеидгылахь аинтеграциа апроцессаҿ Қырҭтәыла адгыларазы.

«Германтәыла афедералтә канцлер Олаф Шольц иҟны аиҧылара бзиа мҩаҧаагеит. Ҳара  Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцессаҿ иҟоу апрогресси ҳтәылақәа рыбжьара апартниорра арҕәҕәара ахымҧадареи  ҳалацәажәеит.  Германтәыла ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа раҳҳәеит Евроеидгылахь аинтеграциа апроцессаҿ Қырҭтәыла адгыларазы. Агәра ганы сыҟоуп Қырҭтәыла иҟоу апрогресс абзоурала ҳаизыҟазаашьақәа иаҳа ишыҕәҕәахо», — иҩит аҧыза-министр.

Иракли Ҕарибашвилии Олафа Шольци иахьа Берлин еиҧылеит.