Иракли Ҕарибашвили  - Ника Мелиа – апартиа ахантәаҩыс иҟарҵаз акриминал иоуп
Иракли Ҕарибашвили  - Ника Мелиа – апартиа ахантәаҩыс иҟарҵаз акриминал иоуп

«Ника Мелиа — абжьаҧнытә криминала иоуп. Абри акриминал апартиа ахантәаҩыс дҟарҵан, мчыла апарламент аҩналареи мчыла атәыла анапхгара рықәхәреи зҽазызкыз акриминал шәилакьысыр ҟалом ҳәа ҳарҳәеит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат Иракли Ҕарибашвили апарламент аҿы данықәгылоз.

Акандидат анапхгаратә гәыҧи аоппозициеи рыбжьара аиҿцәажәарақәагьы дырзааҭгылеит.

«Аоппозициеи ҳареи ҳаиҿцәажәара сазааҭгылар сҭахуп. Араҟа арадикалтә хәҭеи аконструктивтә оппозициеи еидыхтәуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ишыздыруа ала, аконструктивтә оппозициа иҟоуп, урҭ рацәажәаразы хаангьы мап ҳамкыцт. Ҳара адиалог ҳазхиоуп изакәызаалак азыҳәарак ада.  Мелиа дкриминалуп, избанзар аӡбара иазханаҵеит иара  «Қарҭу абанк» акәатра аус аҿы ахара шиду, аха, уи зегьы ирхашҭхьеит.  Мелиа ус баша  «Амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩыс дҟарҵеит. Иҵабыргны иуҳәозар, Михаил Саакашвили иоуп ари апартиа анапхгара азҭо,  «Амилаҭтә ҵысра» аҿы иара ида уаҳа алидер дыҟам», — иҳәеит Ҕарибашвили.