Иракли Ҕарибашвили Монтенегро аҧыза-министр Дритан Абазович диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Монтенегро аҧыза-министр Дритан Абазович диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Монтенегро аҧыза-министр Дритан Абазович диҧылеит. 

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа иаҳа рырҭбаара аҵакы иалацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала,   „Қарҭтәи Абырфынтә мҩа афорум“ аҿы Монтенегро алахәызаара абарҭ аимадарақәа рырҕәҕәара иацхраауеит. 

Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, зыҩаӡара ҳараку ҩ-ганктәи авизитқәа рымҩаҧгара аҵакы иазааҭгылеит. 

Аиҳабыра рнапхгаҩы Монтенегро аҧыза-министр ҭабуп ҳәа иеиҳәеит „Қарҭтәи Абырфынтә мҩа афорум“ алахәызааразы.